Интервью с Щемси Лакуарба из Турции (Şemsi Lakuarba), 21.08.2017 HD

05.09.2017
Дышәҳардыруеит Ҭырқәтәыла, Диреири Ҳасанбеи қьои ақыҭаҿ инхо Лакәар Шьемси. Лакәараа рыжәла даҽа жәлак иаларҩашьатәым. Урҭ Лакәабацәоуп. Шьемси шықәсык дсеиҵбоуп, 48 шықәса ихыҵуеит, 1969 шықәса рзы диит. Шьемси излеиҳәо ала, Аҧснынтә иааз урҭ рабдуӡӡа Ҳәынҷа ихьӡын. Ҳәынҷа Лакәа Мачагәа иҧа иакәын. Мачагәа Аҧсны даанхеит. Уи иҧа, даҽа ҧшьҩык Лакәараа дрыцны Ҭырқәтәыла дыӡхыҵит. Ҳәынҷа ицыз, Шьемси излеиҳәо ала, Мысҭафеи, Лази, Урыси ракәын. Арҭ Алакәабацәа еиҳаби-еиҵби ракәӡамзт, урҭ иашьарала еизааигәан. Уажә ақыҭахь, Алакәарбацәа ахьынхо (Дериери Ҳасанбеи қьои), раҧхьаӡа иааз Лакәар Бат иоуп, Ҳәынҷа иҧа, Мачагәа имаҭа. Сара игәцаракны Шьемси сиазҵааит сабхәа иаб Мысҭафеи уи иашьа Муссеи ирҧеиҧшхаз азы. Иара Мусса иӡбахә иаҳахьеит, излеиҳәо ала, Беидыл инхо Озганаа Мусса ихылҵыз раҳәшьаҧацәа роуп. Мысҭафа Ҭырқәтәыла дыҧсит ҳәа Шьемси ииҳәо иашам. Мысҭафа Аҧсныҟа дхынҳәит. Маан Рушьҭубеи иқыҭаҿ инхоз Лакәараа, аблырак анырхырга аамышьҭахь, Шьемси излеиҳәо ала, Урымтәылаҟа (Греция) ицеит. Қаисери инхоит Лакәараа, ҭоурыхла уаҩшьрак иақәшәаз. Урҭ акыршықәса рыҽцәырыргомызт, егьырҭ Лакәараа рыҽрыларҵомызт. Аринахыс аҭагылазаашьа аҽаҧсахуеит. Дук хара имгакәа Лакәараа, иахьыҟазаалакгьы, аиашьара ачара уны еибабар рҭахуп.

Похожие видео

Показать еще