Абхазский ансамбль Narsow-Dance из Турции. Abkhazian ensemble Narsow-Dance from Turkey HD

25.06.2018
Аҧсуа-адыга жәларқәа Анцәа ирылеиҵаз аҟыбаҩ, ириҭаз аҵас-ақьабз уамашәа иссируп. Џьара-џьара урҭ рныҟәгареи рыҿиареи уадаҩзаргьы, дара роуп ҳара егьырҭ ажәларқәа ҳрылызкаауа. Урҭ роуп ҳахьӡ-ҳаҧша шьҭызхуа. Дара рыбзоуралоуп ҳара ҳахь изеихо атәымуаа. Ҭырқәтәыла иҟоу ақалақь Адаҧазар иқәынхоит, зегь раасҭа имаҷхаргьы, 70-80 нызқьҩык аҧсуаа. Аброуп иахьынхо ансамбль Narsow-Dance асахьаркыратә напхгаҩи алахәцәеи. Ари ансамбль изныкымкәа Аҧсны иаҭаахьеит, уи иамоу аҩаӡара бзиагьы аҧсуа хәаҧшцәа иднарбахьеит. Агәыҧ анапхгаҩыс дамоуп Иозгьур Сымсым. Ансамбль иалоу рахьтә сара дыздыруеит Ҷықь-иҧак, Гәымбак, Аиныкә-ҧҳак, Ҷан-ҧҳак, Гәагәыуа-ҧҳак, Гәыџь-иҧак, Аиқәысбак. Иҟоуп егьырҭгьы, аха урҭ уажә, саҭамыз, зегь сгәалашәом. Лассы-лассы Ҭырқәтәыла инхо аҭырқәцәа, ачара аныруа, аҧсуа-адыга ансамбльқәа ааҧхьара рырҭоит акәашараз. Аҭырқәцәа уи азы аҧарагь цәгьамкәа иршәозаап. Сара избаз аҟынтә, ҧшь-кәашарак рзы зыӡбахә ҳамоу агәыҧ иаиуит 500 доллар. Аха аҧара акәӡам араҟа ихадоу, ҳәарада, уигьы ыҟазароуп, аха… Ихадоу араҟа аҭырқәа жәлар ирымоу агәцаракроуп. Иуҳәар ҟалоит, аҭырқәцәа аҧсуа-адыга кәашарақәа ирыҿҧсаауеит ҳәа. Еиҳарак пату зқәырҵо Аҧсны ииз аҧсуа кәашарақәа роуп, амца иахьаҩызоу азы.

Похожие видео

Показать еще