• Учительница абхазского языка Лиана Айкуцба из Аджарии HD
The teacher of the Abkhaz language Liana Aykutsba from Adjara. Аҧсшәа арҵаҩы Лиана Аиқәыцҧҳа Аҷарантәи. Иаҳҭаху анаҳзымдыруа рацәахеит. Ҩба-хҧа знеишьа анҳамоу маҷым. Аҧсны ҳбызшәа аиаӡӡаара иаҿуп ҳәа анҳаҳауа, ҳгәы ҳахьуеит. Ҳәаанырцә ҳбызшәа анырымҵо ҳаргәаауеит… Аха ианырҵогьы ҳаргәашоит. Аҵыхәтәантәи аамҭаз аилых рацәа ҟаҳҵо ҳалагеит. Амҳаџьырцәа еиҟәаҳшауеит ҳәа ҳаҿуп. Арҭ аусқәа ҳахькылырго бзиам. Ҳажәлар еиқәҳархар ҳҭахызар, аҧсуара иаҧырхагоу аҟыба-ӡыбақәа мап рцәаҳкып. Абраҟа ижәбо аҧсуа ҧҳәыс сара данызба, ҳәаак амамкәа сара сгәырӷьеит. Сахьаҧсыуоу азоуп сызгәырӷьазгьы. Аҧсыуаагьы еиҟәысшом, иахьаҧсыуаау азы бзиа избоит. Ари абзиабара сара ҳаҧсадгьыл исыднаҵеит, малҭынхасгьы сабдуцәеи сандуцәеи исзынрыжьит. Лиана Аиқәыцҧҳа аҭоурыхтә ӡыблара иалашәаз, аџьамыӷәацәгьа иҭагылаз аҧсуа мҳаџьырцәа дырхылҵшьҭроуп, Аҷара диит, Аҷара дааӡеит, абраҟагьы ҩышықәса раахыс Фериатәи абжьаратә школ аҟны аҧсуа бызшәа рҵаҩыс аус луеит. Аиаша шәасҳәап, Аҷара инхо аҧсуаа иахьазы Аҧсны инхо аҧсуаа ҳамшала џьара-џьара ргәы ҭаҷаҷаны иҟоуп. Ҭырқәтәылантә Аҧсныҟа иаҳзаауа аҧсуаа џьоукы, Аҧсны ачарҳәаҩцәа, «аҭырқәцәа» ҳәа ианрышьҭоу, Аҷара инхо аҧсуаа урҭ ауаа «ақырҭцәа» ҳәа ирышьҭоуп. Абри аҭагылазаашьа сара акыр сеиланаршуеит. Абас зҳәо дара рхаҭақәа зусҭцәада? Убри еилыскаар сҭахын. Ргәаҵәа сынҭаҧшны сыҟандаз аасгәахәеит сара зны-зынла. Адунеи иалаҧсоу аҧсуаа мышкаха-мышкаҵыхәа еидаҳкылар ҳҭахызар, заҧсшәа зхашҭыз иаҧсуарахь дҳаргьежьырц ҳгәы иҭазар, шәааи, ҳуалҧшьа азхаҵаны иҟаҵатәу ҟаҳҵап, иҳәатәым ҳамҳәап, ауаа еиҿаҳмыжьып, агәнаҳа ҳаҵамлап, даҽа рыцҳарак ааҳмыҧхьап. Шәылақәа срыгәӡуеит, ауаҩра шәылазар, шәыуаҩра аашәырҧшы.